Арадио

Кәарҷиа: уаанӡа акоммуналтә усбарҭақәа русура усҟак иазхьамԥшуазшәа збоит

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы иазгәеиҭеит ақалақь ихадоу апроблемақәа азгәаҭаны рыӡбара ишашьҭоу.
Sputnik
Кәарҷиа: уаанӡа акоммуналтә усбарҭақәа русура усҟак иазхьамԥшуазшәа збоит

"Раԥхьа инаргыланы ҳҿаԥхьа зҵаара хаданы иқәҳаргыло, ҳнапаҟны иҟоу акоммуналтә усбарҭақәа ишақәнаго русуроуп. Уаанӡа уи аҭакзыԥхықәраз русура усҟак иазхьамԥшуазшәа збоит. Доусы инапы иану ишахәҭоу еиԥш дазнеироуп. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа ицқьазарц, уи аԥара аҟамзаара усҟак ианыԥшуам. Алашаразы ауал ҳақәым, аха ақалақь аҩныҵҟа џьаргьы иаркӡам, ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа ырлашатәуп. Абаҳчақәа ракәзар, знапу иану ҳәа хаҭала аӡәгьы дыҟаӡам, уи ауп даргьы гәыгәҭажьны изыҟоу. Иҵару зҵаараны иҟоуп агәам-самгьы, ицәгьоуп Галынӡа иара агара, иԥырҟо ашәаԥыџьаԥ гарҭа ҳамаӡам. Атәыла ахада иҿы имҩаԥаҳгаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны ақалақь азы иаахахәоит иҷыдоу амашьына, урҭ зырхәашо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.       

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо иажәақәа рыла иӡбатәу рацәоуп, аха знык ала иаҳзыӡбом, ҳақалақь ихадоу апроблемақәа азгәаҭаны рыӡбара ҳашьҭоуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: