Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа агәамсам азы: ауаа рыхдырра хьысҳахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитри Габлиа
Дмитри Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ, адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Дмитри Габлиа иҳәеит агәамсам ҳтәылаҿы ипроблема дуны ишыҟоу, ауаа рыхдырра аҽамԥсахкәа аҭагылазаашьа аҽшеиҭанамкуа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Габлиа агәамсам иазкны

"Агәамсам проблема дуны иҟоуп. Ари азҵаараҿы еиҳабы-еиҵбы ҳәа еилых узыҟаҵом. Ауаа рыхдырра уи аганахьала ихьысҳауп. Ауаа рхы иацкламԥшкәа, ана-ара икарыжьуеит рнапы иаку. Аԥенџьыр аартны идыршәуеит. Уи адагьы, аҩны еизыргаз агәамгьы сашҭа аҟынтә иқәызгеит ҳәа иахьаарԥыхьашәо икарыжьуеит. Ари проблема дууп. Ауаа ирылааӡатәуп уи дара рхаҭақәа ишырԥырхагоу", - ҳәа азгәеиҭеит Габлиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0