Арадио

Ԥачлиа Џьгьарда абна арцәара иазкны: згәы былуаз зегьы еизеит

Очамчыра араион абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәоит Џьгьарда ақыҭан амца зкыз абна шдырцәоз, абылра зыхҟьаз.
Sputnik
Ԥачлиа Џьгьарда абна арцәара иазкны: згәы былуаз зегьы еизеит

"Амца акит амза 10 рзы. Џьгьарда ақыҭа ахада Асланбеи Сангәлиа аҭел дасны адырра ҟаиҵеит. Иацы 15-16-ҩык аҷкәынцәа рзысышьҭит ирыцхраарц амца арцәара. Хәлаанӡа амца ныркылт, изларылшоз идырцәеит. Иахьа ҩаԥхьа деиҭасзасит аҭел, амца ҿыц иакит ҳәа. Ақыҭаҟынтәи аҷкәынцәа ишьҭит, саргьы ирыцхраарц 18-ҩык аҷкәынцәа дәықәысҵеит, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр адырра исҭеит, аха аминистрра аҟынтәи ацхыраара аҭахымхеит. Аҷкәынцәа еизеит, Маркәыла, Кәтол, Аӡҩыбжьа, Аҟәантәи згәы былуаз зегьы неины, еидгыланы амца дырцәеит. Уажәы дара Ахәҵантәи илбаауеит", - иҳәеит Ԥачлиа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.