АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Џьгьарда ақыҭа иахьаҵанакуа абнараҿ иҟалаз абылра еиқәыртәан аҭыԥантәи ауааԥсыреи АҶА аусзуҩцәеи рыцхыраарала ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.
Џьгьарда ақыҭа Ахәҵа иахьаҵанакуа абнара амца акит ҳәа адырра ҟалеит абҵара 10 рзы, аха урҭ аҭыԥқәа рахь атехника зхаломызт. Абҵара 12 шьыжьы инаркны аҭыԥантәи ауааԥсыра уахь инеит амцарцәаразы. Амш абжарахь инеиуаны уахь инеит АҶА аусзуҩцәагьы.
Уаанӡа, абҵара 10 рзы Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы абна абылра иалагеит. Амцакра шыҟалазҵәҟьа Ԥсҳәы ақыҭантәи абылра-еиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа уахь инеит, аха рымчқәа мхеит. Абҵара 11 рзы Аԥсны АҶА аминистр арҭ аҭыԥқәа вертолиотла дырхаԥрааит, аҭагылазаашьа иблала ибеит. Амца аҽеиҵнахит анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рахь. Иаҭаххеит авиациа ахархәара. Аԥсны АҶА урыстәылатәи аиқәырхаҩцәеи дареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит авиациа ахархәаразы.
Амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Џьгьардаа рҽеидкыланы амцарцәара иаҿуп
Амца арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраара иазыԥшуп