Арадио

Бжьаниаԥҳа архив азы: аҳәынҭқарратә символ еиԥш аҵакы ҳаракуп

Аԥсны аҳәынҭқарратә архив еиҿкаауижьҭеи 90 шықәса ҵит сынтәа, уи инадҳәаланы ҳтәылаҿы еиҿкаан жәларбжьаратәи аконференциа. Архив аҵакы аҳәынҭқарраҿы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аконференциа аиҿкааҩ Милана Бжьаниаԥҳа.
Sputnik
Бжьаниаԥҳа архив азы: аҳәынҭқарратә символ еиԥш аҵакы ҳаракуп

"Уажәы аҵара зҵо аҿарацәа еилаҳкаауеит архив уи ашәҟәы ԥшаара мацара шакәым, егьырҭ апроектқәагьы ухы рылаурхәыр алшоит. Схатәы сҳәозар, ашәҟәқәа рнаҩсгьы, имҩаԥызго аконференциақәа, аиҿцәажәаракәа аинтерес рымоуп. Аконференциа ахьӡ анышьақәҳаргылоз "Архив аҳәынҭқарратә атрибут аҳасабала" ҳәа, уи иаанаго иҳәынҭқарратә символны ишыҟоу ауп. Абри астудентцәа аҭоурыхҭҵааҩцәа рымацара рҟынӡа акәымкәа ҳажәлар зегьы рҟынӡа инаҳгар ҳҭахуп, избанзар зҭоурых ззымдыруа, изцәыӡыз амилаҭ ркультура аиҭашьақәыргылара, реиҭарҿиара  атәы узалацәажәаӡом. Хымԥада, иаҳцәыӡыз ашәҟәқәа, аматериалқәа егьырҭ атәылақәа рҟны иҵәаху рыԥшаара ҳара ҳзы раԥхьа игылоу усуп. Аҭоурыхтә гәаанагара ахьчара алыршаразы архив даҽакала ҳазнеироуп", - ҳәа азгәалҭеит Бжьаниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: