Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылоит

ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп абҵара 20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аҟәа, иааиуа амчыбжь азы имҩаԥысраны иҟоуп ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи аԥснытәи агани реиԥылара ҳәа Sputnik Аԥсны иазаарыцҳаит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны ААР: Женеватәи аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟаларц азы азнеишьақәа ԥсахтәуп

"ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылоит ҳәа азыԥхьагәаҭоуп абҵара 20 рзы", - рҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы .

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рҟынтәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа Цхинвалҟа инеираны иҟоуп. Аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд амшхәаԥштә азҵаара аицеилацәажәаразы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аҿахәы аҳәар ахьалшо аиԥш зеиԥшу ҭыԥ ыҟам. Дара мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс.

Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа ООН, ОБСЕ, ЕС реицхантәаҩрала имҩаԥган жьҭаара 8-9 рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 49-тәи рраунд.

Изаамҭанытәиу араунд мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 10-11 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: