Арадио

Шамԥҳа Ауаажәларратә палатазы: ауаа рхьаа аиҳабыра рҟынӡа ирызнамгозар, изаҳҭахи

Аԥсны Ауаажәларратә палата инаныгӡо аусура атәы, насгьы уи алҵшәа амоума? Абри азы лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аԥсны Жәлар рартистка Манана Шамԥҳа.
Sputnik
Шамԥҳа Ауаажәларратә палатазы: ауаа рхьаа аиҳабыра рҟынӡа ирызнамгозар, изаҳҭахи

"Апалата иҟоужьҭеи ирҳәо ак нагӡоуп ҳәа исымбац. Дара инарыгӡар рҭахызаргьы, амч рыманы избом, иҟаӡам уи аҩыза аҭагылазаашьа. Аилазаарақәа зегьы аус руазар, иҟазароуп алҵшәагьы. Сара избом алҵшәа Абыргцәа рхеилак, Ауаҩы изинқәа зыхьчо аилазаара, Ауаажәларратә палата уҳәа рыҟазаара аҟнытә. Ирҳәо акгьы алымҵуазар, иаҳҭахума дара урҭ?! Дара ражәа иазыӡырҩыроуп егьырҭ аиҳабыраҿы иҟоу аилазаарақәа зегьы. Ауаажәларратә палата ауаа рхьаа аиҳабыра рҟынӡа ирызнамгозар, иаҳҭахума дара?", - ҳәа лгәаанагар лҳәеит Шамԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.