Ажара ақыҭаҟынтәи зшьапы ԥҵәаз аԥҳәыс ахәышәтәырҭахь днаргеит

Авертолиот Ми-2 ала аԥҳәыс Галтәи астадион аҟынӡа днаргеит. Уахьынтәи ацхыраара ласы ала ахәышәтәырҭахь дыргеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа вертолиотла Ажара ақыҭантәи дылбааргеит зшьапы ԥҵәаз аԥҳәыс.

Аԥҳәыс Галтәи ахәышәтәырҭа дҭоуп. Лҭагылазаашьа уадаҩра алам.

"Гәылрыԥшьтәи ахәышәтәырҭаҟынтәи адырра ҳарҭеит Кәыдры аиҩхаа, Ажара ақыҭа инхо, 1951 шықәсазы ииз аԥҳәыс дкаҳан лшьапы ԥҵәеит ҳәа. Аҭыԥ ахь инеиит афельдшар дызҭаз авертолиот", - Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА асанитартә авиациа аиҳабы Андзор Гоов.

Авертолиот Ми-2 ала аԥҳәыс Галтәи астадион аҟынӡа днаргеит. Уахьынтәи ацхыраара ласы ала ахәышәтәырҭахь дыргеит.