Гәдоуҭатәи "Риҵа" "Аиааира Ахраҿа" анашьахеит

"Аиааира Ахраҿа" афиналтә хәмарра мҩаԥысуан Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы аклубқәа "Риҵеи" "Гагреи" рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19– Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи "Риҵа" "Аиааира Ахраҿа" анашьахеит афиналтә хәмарраан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны алига адиректор Витали Федоренко.

"Аамҭа хадаан аӡәгьы ампыл амба иҭеимыршәит. Аамҭацҵаан "Риҵа" ахәмарыҩ Тристан Гәыблиа хыла дзысыз ампыл амба иҭашәеит", - иҳәеит Федоренко.

Атурнир аҟны иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далхуп Виктор Ԥимԥиа –"Риҵа" ахәмарыҩ. Иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа далыркааит атурнир аҟны ф-мпылк ҭазыршәыз Марат Агрба ("Риҵа").

"Аиааира Ахраҿа" афиналтә хәмарра мҩаԥысуан Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы аклубқәа "Риҵеи" "Гагреи" рыбжьара. Атурнир мҩаԥысуан жьҭаара 10 инаркны абҵара 18 рҟынӡа акомандақәа ԥшьба алахәны.