Урыстәыла афлот Амшынеиқәаҿ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот аӷбақәеи аҳаирпланақәа Су-30СМ-и аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит. Аҽазыҟаҵарақәа ахылаԥшра рырҭоит аԥырҩы дызҭам аԥрыгатә аппаратқәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Урыстәыла ихацнаркит Амшынеиқәаҿ аҽазыҟаҵарақәа ракеталеи артиллериалеи ахысрақәа алакны. Абри атәы аанацҳауеит Амшынеиқәатә флот асаит.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп жәаба рҟынӡа аӷбеи авиациеи.

"Амшынеиқәатә флот аӷбақәа жәаба Севастопольи Новороссииски рбаӷәазақәа рҟынтәи амшын агәы иазцеит аицҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп афрегат "Адмирал Эссен", аракетаныҟәгаҩ ӷба маҷ "Вышний Волочек", адесанттә ӷба "Азов", аӷбамҩангагақәа "Турбинист", "Ковровец", ацхыраагӡатә ӷбақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аекипаж амшын аҿы аибашьра, аԥшаара, амшынаҵатә ӷбақәа рҭаԥшыхәреи рҭархареи, аҳауа аҟынтәи ажәылара аԥырҟәҟәаара мҩаԥыргоит.