АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа ацхыраара ласы амашьынақәа ԥшьба шрырҭо азы аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Ақәҵара апроект азирхиеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа. Иара иажәақәа рыла, амашьынақәа рызшахоит Гал, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәеи Цандрыԥшь ақыҭеи.
2017 шықәса рзы Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа ацхыраара ласы амашьынақәа ааба роуит. Дара ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара рыхшәаан.
2018 шықәса рзы арҭ автомашьынақәа еиҿкаан ихымԥадатәиу адиагностикатә мыругақәа рыла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳаџьымба аиҳабыра реилатәараҟны абжьгаратә ажәахә ҟаиҵеит