АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥыза-министр Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа ргәырҽаниҵеит аштаттә оптимизациа иахьымӡаз афинанстә санкциақәа рзухоит ҳәа.
"Аминистрцәа Реилазаара аоптимизациа хыркәшам. Ҳара иаҳзышьақәыргылом ҽаантәи аԥаразоужьра ахышәаҵышәа. Адокументқәа ианаамҭоу ианыхиамха, афинанстә санкциақәа адгалатәхоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 28 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц ашьақәыргыларазы.
Иара адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15 процент рыла аоптимизациа азухарц азы. Абри аус ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа.
Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба абҵара 12 рзы адҵа инапы аҵаиҩит "Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара аоптимизациа азуразы". Адокумент аҟны иарбоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Арепатриациа афонд 15% иреиҵамкәа аштаттә хыԥхьаӡара аоптимизациа азутәуп абҵара 20, 2019 шықәсанӡа ҳәа. Иара убас Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрре, Адемографиеи арепатриациеи рминистрреи, Аргыларазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа абҵара 15, 2019 шықәсанӡа аоптимизациа ҟарҵароуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳаџьымба аиҳабыра реилатәараҟны абжьгаратә ажәахә ҟаиҵеит