Арадио

Габлиа: шьаҿа-шьаҿала иҳаԥсахуеит атранспорт ақалақьқәеи араионқәеи рҟны

Атранспорти, аенергетикеи, аимадареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Рабсҭан Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақьқәеи араионқәеи транспортла реиқәыршәаразы Аԥсныҟа автобус ҿыцқәа 14 шаагоу.
Sputnik
Габлиа: шьаҿа-шьаҿала иҳаԥсахуеит атранспорт ақалақьқәеи араионқәеи рҟны

"Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2019 шықәсазы иаахәан 62 цыра автобусқәа. Урҭ ирықәхарџьын 162 миллион мааҭ. Автобусқәа 33 ақалақьқәа рзы, 15 - ашколхәыҷқәа рзы, 14 – ақыҭақәа рзы. Атранспорт Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь идәықәҵан. Уажәы автобусқәа даҽа 14 цыра аагоуп, урҭ ирықәхарџьын 31 миллион мааҭ. Урҭ рахьынтә 9 – ашколқәа рахь ишьҭхо автобусқәа, 4 - ақыҭақәа рзы, 1 – ақалақьбжьаратә Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азы.

Ақалақьқәеи араионқәеи иҟарҵаз аҳәарала автобусқәа рзеихшахоит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны. Автотранспорт ала еиқәшәоуп шьҭа ҳәа ҳазҳәом, аха хәыҷы-хәыҷла, шьаҿа-шьаҿала иҳаԥсахуеит ибжьысыз, акрызхыҵуа автобусқәа аҿыцқәа рыла. 2019 шықәсазы автотранспорт ала аиқәыршәаразы аинвестициатә программа хыркәшоуп, 2020-2021 шықәсқәа рзы апрограммаҟны иадырбозар ахәҭуп аиҳабыра реилатәараҟны. Иҳауз автобусқәа хышықәса рҟынӡа аҿҳәара рымоуп ишахәҭоу ахархәара анроу реиҭашьақәыргылара шаҭахым азы агарантиа", -  иҳәеит Габлиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.