Арадио

Габниа Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр азы: аусура узаанкылаӡом, иацҵахароуп

Аԥсны ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳаб ҿыц Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ацентр ахыдҵақәа, ԥхьаҟатәи аусура атәы.
Sputnik
Габниа Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр азы: аусура узаанкылаӡом, иацҵахароуп

"Аамҭа зеиԥшразаалакгьы аҳәынҭқарратә еилакқәа, урҭ рахь иаҵанакуеит ацентргьы, аус руроуп, сгәаанагарала. Иахьатәи аамҭазы Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр 13 шықәса аус ауит. Уи иалнаршаз, еиҳаркгьы аекономика аганахьала еиуеиԥшым аҭҵаарақәа зегьы ирдыруеит, ибзиоуп, еиҭагьы аус утәуп. Ҳәарада, иҟоуп иҵегьы адҵақәа атәыла ахада иҟынтәи. Ацентр еиҿкаауп Аԥсны ахада инапаҵаҟа, иара иоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла адҵақәа ықәзыргыло, иҭҵааны, аус адуланы урҭ ицхыраагӡаны иҟалароуп аҳәынҭқарратә мчқәа рзы. Ԥыҭҩык ацентр аусзуҩцәа русура аанрыжьит шәҳәеит, аха иахьатәи аамҭазы ус еиԥш азин рымоуп ауаа. Ҳара ҳзы акәзар, ус иҟамлар иаҳа еиӷьын. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аусзуҩцәа уԥшаароуп, аха араҟа баша аусзуҩцәа ракәӡам, аҭҵаарадырра знапы алаку роуп. Аусура узаанкылаӡом, иацҵахароуп.

Ацентр раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра ахада иусураҟны ицхрааразы иҟоуп. Ацентр аусура аԥсахрақәа алеигалозар, уи азы азин имоуп… Ацентр аҵарадырратә абжьгара атәы ҳҳәозар, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны еиҿкааӡамызт, иҟаӡам уажәгьы. Аӡәы иаҽԥнысҳәар сҭахым, аха раԥхьа уи еиҿкаатәын, анаҩс дара рҟынтәи ақьаад неир акәын атәыла ахада иахь анапхгаҩы изы. Уи аҩыза ҟаҵаӡам, ус иаауан. Атәыла ахада уи ада аус шауа аниба, лагалақәак ҟаиҵеит, азин иман", - иҳәеит Габниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.