АҶА: Аԥснытәи ашьхақәа рҿы амца ырцәоуп

Урыстәыла АҶА авертолиот МИ-8 Гагра араион Жәкәаратәи аҩхааҿы абҵара 21 шьыжьнаҵы жәантә аӡы ықәырҭәеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ашьхақәа рҿы амца ырцәоуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа аԥшьаша, абҵара 21 рзы.

"Гагра араион аҿы ибылуаз ҭыԥк аанханы иҟан, уигьы уажәазы ирцәоуп. Шьыжьнаҵы арҭ аҭыԥқәа ҳархыԥрааны иаабеит. Зехьынџьара шәарҭара ыҟам", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иара убасгьы аминистр иазгәеиҭеит абҵара 22 рзы аусбарҭа апресс-центр аҿы ишымҩаԥгахо Аԥсны ацхыраара азҭаз Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа аҳамҭақәа рыҭара.

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит ашьхараҟны амцакра иахҟьаны аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан. Аԥсны АҶА Урыстәыла АҶА ахь адырра ҟарҵеит ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200. Урыстәылаа ирыцхраауан аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: