Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит "Кавказ" акәашацәа Германиа џьмажьылеи рашыхлеи аишәа шдырхиаз

Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аԥҵоижьҭеи 25 шықәса ҵуеит сынтәа. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Арвелод Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 1999 шықәсазы Германиа жәларбжьаратәи афольклортә фестиваль ралахәхара атәы.
Sputnik

 

Ҭарба еиҭеиҳәеит "Кавказ" акәашацәа Германиа џьмажьылеи рашыхлеи аишәа шдырхиаз

"Афестиваль Балинген ақалақь аҿы имҩаԥысуан, ҩажәа ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа алахәын. Мышкы убас иалырхит, абри аколлективқәа зегьы афестиваль иалахәыз дара рчысхә ҟаҵаны егьырҭ ирҿарҵо. Иааины аԥсуаа иааҳадгылеит афатә ҟаҳҵарц иҳзааргари ҳәа. Аџьмақәа ԥшьба ҳәа раҳҳәеит, аҳәажьы аҵәкәац азы 20 кьыла, акәытқәа, ачашә злаҟарҵаша амарҭхәқәа. Раԥхьаӡа убра избеит аԥсуа џьыка абанка иҭаҵаны адәқьан аҟны ирҭиуаз шнаргаз. Абри афатә иҟаҳҵаз убригьы ахәшьара арҭон, аиааира зго далыркаауан. Ҳара аиааира ҳгеит уаҟа. Џьанаҭ гыларҭас изауша Оҭар Хәынҵариеи (акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист - аред.) сареи акәац аҵәы иахаҵаны иаҳӡуан. Ҳаҷкәынцәа, ҳаӡӷабцәа ракәзар акәытқәеи ачашәқәеи рӡуан. Уаҟа инхоз ҳдиаспора еиуаз аҳәса ҩажәа литра арашых ҟаҵаны иааргеит. Ихааны иԥшӡаны имҩаԥаагеит асасцәа", - иҳәеит Ҭарба.

 

Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашара Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аԥҵоижьҭеи 25 шықәса аҵра инамаданы иахьа Аԥснытәи ахәынҭқарратә филаромониаҿы асааҭ 18 рзы аконцерт мҩаԥысуеит.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.