Ҷолокәуа: иарбанзаалакгьы ателехәаԥшра ахатә цәа ахазароуп
© Sputnik
"Аамҭақәак рзы ҟазшьас исымаз - Аԥсны анҭыҵ џьа сцозар, асасааирҭаҿы саннеилак, иаразнак апульт аашьҭыхны аҭыԥантәи ателехәаԥшра сахәаԥшуан. Убра уаныҟоу иумоуп алшара адәны иҟоуи ателехәаԥшрала ицои реиҿырԥшра. Избаз зегьы ааидкыланы лкаас иҟасҵеит, иарбан телехәаԥшразаалакгьы иара аҭыԥантәи ацәа ахоушәа. Аԥсуа телехәаԥшрагьы аԥсуа цәа ахазароуп. Аус аҿы уи шыҟоу аҳәара сцәыуадаҩуп. Ҳәарада, ҳаамҭа иақәшәозароуп, аха зынӡа европатәи уҳәа ателехәаԥшрақәа ҳрацлабуеит ҳәа ҳалагар, уаанӡагьы ҳзыҩаӡаӡом, уара утәы уацәхьаҵуашәагьы иҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.