Адырра ҿыцқәа: Аҟәа аиҿахысрақәа ирхырҟьаны хҩык ауаа ҭахеит

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит хҩык ауааԥсыра. Аҽа хҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Иҟоу адыррақәа рыла иҭахеит: Шамба, Аҩӡба, Ақырҭааԥҳа.

Абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы Леон имҩаду аҿы хҩык ауаа асабардақәа рҿаҵаны автомашьынаҟынтәи ахысра иалагеит. Аоператив ԥшаарақәа ирылҵшәаны автомашьына былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: