Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп

Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы аиҿахысрақәа аҭыԥ рыман, ахәра зауз Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭахьи Ареспубликатә хәышәтәырҭахьи инаргеит. Аҭыԥ аҿы амилициа аус руеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аҟәа ақалақь Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы, аресторан Сан-Ремо аҿаԥхьа ахысра ҟалеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент. Иҟалаз шыҟалаз макьаназ еилкаам. Аҭыԥ аҿы аоперативтә усзуҩцәа аус руеит.

Аресторан акәша-мыкәша аркуп. Аҭыԥ ахь днеиит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

Хҩык ахәра зауз, ҩыџьа ахацәеи ԥҳәыски Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭа аоперациатә ҟәшахьы инагоуп. Абри атәы ҳарҳәеит ақалақьтә хәышәтәырҭа адкыларҭатә ҟәшаҿы.

Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днагоуп ахәра змоу ахаҵа, Шамба зыжәлоу.

Ахысраан уа игылаз амашьынақәагьы ахқәа раахеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.