Ирыҟәшәоит, еилырԥшаауеит: Аԥсны амандарина шҿырхуа

Гәылрыԥшь араион аграфирма "Софиа" аҟны иалагеит ацитрус аҟәшәара. Сынтәа амандарина аҽаҩра акырӡа имаҷуп ҵыԥх аасҭа.
Sputnik

Агрофирма "Софиа" аҵакырадгьыл 92 га ыҟоуп, 42 нызқь амандаринатә ҵла еиҭаҳауп. Амандарина рыҟәшәоит 50 –ҩык ауааԥсыра, асезон аԥсыкамҭазы урҭ рхыԥхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа еизҳауеит.

Урыстәыла ақалақьқәеи, Донецктәи Лугански жәлар рреспубликақәа рҟынтә иааны аус руеит.