Арадио

Кәыҵниа: урыстәылатәи ҳколлегацәа аҭагылазаашьа шыцәгьаз баны гәык-ԥсыкала аус руит

Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа ҳтәылаҿы абнақәа рхы амцарцәара атемала имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы иҳәеит Урыстәыла АҶА аусзуҩцәа русура ҭакԥхықәрала ишазнеиз.
Sputnik
Кәыҵниа: урыстәылатәи ҳколлегацәа аҭагылазаашьа шыцәгьаз баны гәык-ԥсыкала аус руит

"Аҭагылазаашьа даара иуадаҩын, ас еиԥш зымҽхак ҭбааз абылрақәа ҳтәылаҿы иҟамлацызт. Иаарласны иаҳҭаххеит ацхыраара, ҳколлегацәа ҳахәара иахьақәҿырҭыз уи цхыраагӡа дуун. Аԥхьа иаарышьҭит авертолиот, аха амцакра амҽхак зеиԥшраз ала уи азымхеит. Анаҩс иаарышьтит Бе-200, уи аара даара иҳахәеит. Иаразнак аусура иалагеит. Аҩҳаирпланк иааизакны 266 – нтә ишьҭыԥрааит, иааидкыланы 200 тонн рҟныӡа аӡы шьҭырхит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа, еицыз зегьы гәык-ԥсыкала аус руит, рхы-рыԥсы иамеигӡеит, дара ирбон аҭагылазаашьа даара ишыцәгьаз, ихьааганы амаҵ азыруит абнақәа реиқәырхара", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа. 

Раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи ахыҵырҭаҟны амцакра шыҟалаз АҶА аусзуҩцәа ирбеит абҵара 10 рзы. Ԥсҳәы абылреиқәырхаратә гәыԥ ахатәы мчқәа рыла идырцәарц иаҿын, аха ирылымшеит. Иара убас абнақәа былуан Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа иахьрыҵанакуа ашьхарақәа. Урҭ рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡон. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: