Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

Иҟалаз

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Аҽа хҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Иҟоу адыррақәа рыла иҭахеит: Шамба, Аҩӡба.

ААР ишаанацҳаз ала ақьафурҭаҟны аус зуаз анаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны лыԥсҭазаар далҵит ҳәа. Аҟәатәи аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ражәақәа рыла, аӡӷаб лыԥсы ҭоуп, ӷәӷәала дхәуп, лҭагылазаашьа уашәшәыруп. Дыиагоуп ареспубликатә хәышәтәырҭахь анеирохирургиа аҟәшахьы.

Асааҭ 8:00 рзы Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа ӷәӷәоуп, ареанимациаҟны дышьҭоуп.

Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны автомашьына былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы.

Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҟгны иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит.

Рауль Ҳаџьымба амчратә еилазаарақәа рҿаҧхьа адҵа ықәиргылеит иҟалаз ацәгьоура аарҧшреи ахара зду ақәнага рақәыршәарази аиҵаҟәшақәа зегьы ралархәразы. Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа ирыдиҵеит ацәгьоура ҟазҵаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа иахымсырц азы иақәнагоу ауснагӡатәқәа мҩаҧыргарц.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба Ахада адырра ииҭеит имҩаҧгоу аусхкқәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: