АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада исаит.
Ҳаџьымба еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит иааиуа Аконституциа амш, иргәалаиршәеит атәыла азакәан хада аԥҵара аҭоурых.
"1999 шықәса жьҭаара 3 рзы ареферендум аҟны ирыдыркылаз Аконституциа ишьақәнарӷәӷәеит ажәлар зых иақәиҭу, адемократиатә ҳәынҭқарра шалырхуа, жәларбжьаратәи азин иахәҭакны иҟалар шрылшо", - иҳәеит Ҳаџьымба.
Иара иазгәеиҭеит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Аԥсны Аконституциа ишаанарԥшыз амчлшара.
"Аконституциатә реформақәа мҩаԥысуеит. Иаԥҵоуп иахәҭоу алшарақәа. Аус ауеит Аконституциатә ӡбарҭа", - иҳәоит ахада.
Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Нури Ҭаниа далацәажәеит уи аусура.
"Аконституциатә ӡбарҭаҿ ииасыз ашықәс иалагӡаны 19 ус ирыхәаԥшын. Иазгәаҭатәуп арҭ аусқәа аҽа ҳәынҭқаррак аҿы аналог шрымам. Урҭ рҟынтәи ааба атәылауаа рышшыԥхьыӡқәа роуп, егьырҭ аӡбарақәеи аиҿкаарақәеи рҟынтә иҳауит", - иҳәоит иара.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иазгәеиҭеит Аконституциа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аџьынџьтәылатә еибашьреи рылҵшәақәа шышьақәнарӷәӷәаз.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аконституциатә ӡбарҭа адепутатцәа мап рыцәнакит ахада инапынҵақәа реиҭахәаԥшразы