Уахи-ҽни зегьы рзы: АҶА амедицинатә усбарҭа ӡырнагеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иатәу амедицинатә усбарҭа ҩымз ҵуеит аус ауеижьҭеи, ари аамҭа иалагӡаны 90-нтә ацхыраара ҟанаҵахьеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҿы иаарту амедицинатә усбарҭеи асанитартә авиациеи рӡыргара мҩаԥган абҵара 25 рзы.

Аԥсны АҶА аҟны амедицинатә усбарҭа ҩымз ҵуеит аус ауеижьҭеи. Абри аамҭа иалагӡаны 16-ҩык злахәу аперсонал 93-нтә аҭагылазаашьа ҷыдақәа аҭыԥ ахьрымоу инеихьеит. Бригадацыԥхьаӡа хҩы-хҩы усзуҩцәа рыла ишьақәгылоуп.

"Аҟәша уснагӡатә хаданы иамоуп аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи рыцҭыҵра, ааха зауз ауаа аҭыԥ ралгара, амедицинатә усҳәарҭа аҟынӡа рнагара. Аперсонал иахәҭоу адыррақәа рымоуп", - иҳәеит аусбарҭа аиҳабы Андзор Гоов.

Амедусбарҭа иамоуп ацхыраара ласы амашьынеи, ареанимобили, авертолиоти. Ацхыраара ласы еиқәыршәоуп арыԥҳақәа аҳауа рзынашьҭыга аппарат, аҵәыҵәри баллонқәа, ачымазаҩ иҭагылазаашьа узырбо амониторқәа рыла.

"Амедусбарҭа макьаназы аус ахьауа Аҟәоуп, аха иаҳзаараны иҟоуп еиҭахгьы амашьынақәа. Урҭ Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра ирызшахоит", - иҳәоит Гоов.

АҶА аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, аперсонал дара рнапы иананымгьы, ацхыраара иазыхиоуп.

Кәыҵниа иазгәеиҭеит ԥхьаҟазы ишазыԥхьагәаҭоу ареанимациатә центр аԥҵара.