Џьынџьиа аевкалипт Аԥсны алгара аус аанкыларазы: ақәӡаара иалагеит, ихьчатәуп
© Sputnik
"Аԥсны изызҳауа аевкалипт ахкқәа ақәӡаара иалагеит. Араӡынтә ҳәа изышьҭоу аусдкылаҩцәа аҳәаа иахганы аҭиира иаҿу даара ирацәоуп, уи инаҷыдангьы, аевкалипт аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷа ҟалеит. Аевкалипт хәышәтәтәуп, аха урҭ аусурақәа мҩаԥгатәуп ааԥынразы. Уажәазы уи иаҭаху азы аиқәыршәареи аҭҵаареи ҳаҿуп. Аевкалипт аҳәаа ахыгаразы азин ыҟамызт уи аԥхьагьы, аха ауаа еиуеиԥшым амҩақәа ԥшааны иахыргарц рҭаххоит. Уажәтәи ақәҵара еиҭа иргәаланаршәап иҟоу аԥҟара атәы, иззымдыруагьы ирдырып. Ҳинспекторцәа ргәырҽынҵоуп, ҳусура ари аганахьала иаҳа ирӷәӷәоуп. Аевкалипт даара имаҷхеит, иаҳмыхьчар ада ԥсыхәа ыҟаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.