Арадио

Лашәриа ацәыргақәҵа "Фазили уи икәша-мыкәшеи" азы: иԥсҭазаара зегьы ҳҿаԥхьа имҩасит

Ахәбатәи Жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаатыз афотоцәыргақәҵа "Фазили уи икәша-мыкәшеи" аҿы иӡыргаз афотоҭыхымҭақәа руак аҭоурых атәы еиҭеиҳәеит аԥсуа Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Sputnik
Лашәриа ацәыргақәҵа "Фазили уи икәша-мыкәшеи" азы: иԥсҭазаара зегьы ҳҿаԥхьа имҩасит

"Ара ҳҿаԥхьа аргама ииасуеит Фазиль иԥсҭазаара зегьы, Аҟәа инаркны Америкынӡа. Фазиль иԥсы ҭаны дааҳалагылазшәа. Иареи сареи ҳахьеидгыло афото аныҟаҵаз аҽны иҭыхын даҽа ҩба-хԥа, иҭызхуазгьы Ремзи Агрба иакәын. Ари аҭыхымҭа ҟаҵан 70-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Аҟәа, асасааирҭа "Риҵа" аҿаԥхьа. Фазиль, Ацҳа Ҟаԥшь аҟнытә ақалақь ахь даауан, ԥсыӡ дукгьы икын, уи ахҭыс атәы зҳәогьы ҳсахьа ыҟоуп. Усҟан ауаа идизалон, иабаук ари аԥсыӡ ҳәа иазҵаауан, иаргьы дыхәмарны абна ҳәа драцәажәон, сара слымҳа дааҭахәыҭхәыҭын "иаасхәеит" ҳәа сеиҳәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лашәриа.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: