Арадио

Адепутат Табаӷәуа: азакәан бзиақәа ҳамоуп, аха урҭ ирықәныҟәо ыҟам

Аԥсны Жәлар реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны Аконституциаҿы иарбоу азакәанқәа хшыҩзышьҭра аҭаны ишыҟаҵоу, аха убри аан урҭ ирықәныҟәо шмаҷу.
Sputnik
Адепутат Табаӷәуа: азакәан бзиақәа ҳамоуп, аха урҭ ирықәныҟәо ыҟам

Абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдкылан Аԥсны Аҳәынҭқараа Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәса рзы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭирала уи шьақәырӷәӷәан.

"Даара азакәан бзиақәа ҳамоуп, аха рыцҳарас иҟалаз урҭ ҳрықәныҟәом, ари закәан бзиаӡам, ари анаалом ҳәа аҳәара баша ажәоуп. Иҟоу анагӡашьа ҳақәшәазҭгьы, иҟоу азакәан иқәныҟәалазгьы зегьы маншәалахон", - ҳәа агәаанагара имоуп Табаӷәуа.

Аԥсны Жәлар реизара адепутат иҳәеит игәаанагара аҭыԥантәи амчрақәа рхадацәа аԥсахразы Аконституциазы азакәан аԥсахра алагалара аҭахны ишыиԥхьаӡо. 

"Хәышықәса раԥхьа араионқәеи ақалақьи ахадацәа ажәлар иалырхроума ҳәа усазҵаазгьы, мап ацәыскуан. Уажәшьҭа иауеит уи аҩыза ареформақәа рыҟаҵара, аха Гал араион ахада, сгәанагарала, даиҭароуп Атәыла ахада. Араионқәеи ақыҭақәеи ирыҭатәуп амчра, дара ирыӡбароуп ажәлар рус. Хәыҷы-хәыҷла аҭыԥантәи амчрақәа рнапынҵақәа дырҭбаалатәуп, уахь ҳаиаслароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭабаӷәуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: