Арадио

Кәарҷиа: Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы иҟаз аиҿахысра ԥсуаҵасгьы, хаҵаҵасгьы еилкаашьа амам

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс дақәыӡбеит.
Sputnik

Иахьа Аԥсны Жәлар Реизараҿы иалацәажәан иҳаҩсыз амчыбжь азы аҭыԥ змаз ацәгьоуреи аҵыхәтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз акриминогентә ҭагылазаашьеи.

Кәарҷиа: Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы иҟаз аиҿахысра ԥсуаҵасгьы, хаҵаҵасгьы еилкаашьа амам

"Аҟәа хәыҷи-дуи ахьныҟәо аҭыԥ аҿы иҟалаз ахҭыс зегьы рцәа иҭанарӡыӡит. Иахьагьы иҟаларызеишь ҳәа ауаа ԥшуп. Ԥсуаҵасгьы, ахаҵа ихымҩаԥгашьалагьы ари ахҭыс еилкаашьа амам. Ари аус иахаҵгылатәуп, иаарласны аҭыԥ иқәҵатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа. 

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.