АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа иҷыдоу усбарҭақәа рнапы ианиҵеит автомҩатә, ашьаҟамҩатә, аангыларҭатә ҭыԥқәа дыргала реиқәыршәара. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Иазгәаҭоуп "Ацҳа шкәакәа", аџьармыкьа рҟны "ашәарҭадаратә цәаҳәа" шыҟарҵаз. Аусурақәа хыркәшоуп "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы иҟоу аангыларҭаҿы. Аусурақәа мҩаԥысуеит Кьалашәыртәи ахырхарҭахь аангыларҭақәа рҿы, ауниверситет ахь ахаҵәирҭаҿы, Ӡиӡариа имҩа ахаҵәирҭаҿы.
Кәыдрытәи амҩаҿ "ракушка" ҳәа изышьҭо аангыларҭаҿы иазыԥхьагәаҭоуп аныҟәара зырманшәало аҭыԥ аиҿкаара.
"АУН "Горстрой" абригада аангыларҭеи иара аҵакыреи ррыцқьара иаҿуп, ара афымцалашаратә шьаҟақәа дыргылоит, апанно ахаҭа дрыцқьоит, ихажәааз аҵлақәа карҿоит, аҿыц еиҭарҳауеит", - аанацҳауеит ахадара асаит.
Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Ҭимур Ҟаитан иажәақәа рыла апанно дырлашоит, иара уажәы ахаҿра зҵәахуа апальмақәа аҽаџьара еиҭаганы еиҭарҳауеит.
Еиҭашьақәдыргыло апанно асовет аамҭақәа раан иаԥырҵеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валентина Хәырхәмалԥҳаи архитектор Зураб Ҵереҭели.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥигалоит асахьаҭыхыҩ Алик Шьанаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа неигӡалоит Кан Кәарҷиа