"Сухумприбор" аиҳабыра имҩаԥырго аус азы Акультура аминистрра аума ақалақь ахадара роума адырра рырҭымҭаӡеит. Ақалақь асахьаҭыхыҩ хадеи Акультура аминистрра ахаҭарнакцәеи "Сухумприбор" анапхгара ирԥылараны иҟоуп апанно ԥхьаҟатәи алахьынҵа аӡбаразы.
"Аиҭашьақәыргылара алшартә иҟоуп. Аамҭала ишыҟоу инҳажьуоу аиҭашьақәыргыларазы аԥара ҳашьҭало ҳазхәыцып. Ҳазегь ҳаилаланы апроблема ӡбышьак аҳҭароуп", - иҳәеит Ҭимур Ҟаитан.
Амозаика "Сухумприбор" аҭӡаҿы икыдҵан ХХ ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан. Автор деилкаам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Сухумприбор" злахыркыз апанно ауаа ашәарҭара иҭанаргылон
Арсалиаԥҳа аҭоурыхтә баҟақәа ргеоинформациатә системазы: ихадоуп ахьчаразы