Италиатәи акинорежиссиорцәа Аԥсны иазку адокументалтә фильм ҭырхит

Адокументалтә фильм "Иӡыз џьанаҭ" ҭырхуан, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Италиатәи акинорежиссиор Алессандро Тезеии афотоҭыхыҩ-аоператор Пьерпаоло Миттики адокументалтә фильм, усутә хьыӡны "Иӡыз џьанаҭ" зырҭаз актәи ахәҭа ҭырхит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рҟны анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ, ВААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.

Иара иажәақәа рыла акинорежиссиорцәа акыр шықәса ҵуеит адокументалтә фильмқәа ҭырхуеижьҭеи аетникатәи аполитикатә шьаҭа змоу аимакқәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа ирызкны.

Адокументалтә фильм "Иӡыз џьанаҭ" ҭырхуан, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы.

"Афотосахьақәа рҟны ҳаԥшӡарақәа ихырхит. Аинтерес ркит игәыгәҭажьу архитектуратә хыбрақәа рбаразы атуризм аҿиара. Сгәанала асеиԥштәи ахырхарҭа змоу атуризм Аԥсны аекономикатә ҿиара иацхраауеит, аҳәаанырцә Аԥсны аӡбахә ӡырнагоит ", - иҳәоит Ҭаниа.

Адокументалтә фильм "Иӡыз џьанаҭ" аҭыхра иацҵахоит Гәдоуҭа араион аҿы.