Мҵара ақыҭа 140 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит

Мҵара – аерманцәа Аԥсны раԥхьатәи рқыҭа ҳәа иԥхьаӡоуп, ишьаҭаркын 1879 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik, Бадри Есиава. Мҵара ақыҭа ауааԥсыра рқыҭа аиубилеи азгәаҭара рыгәҭакуп. Иара сынтәа 140 шықәса ахыҵуеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион аерман уаԥшь ахантәаҩы Хачик Минасиан.

Ауснагӡатә мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын акы асааҭ 12:00 рзы.

"Иазыԥхьагәаҭоуп аҭыԥантәи ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рықәгылара, ажәеинраалақәа рыԥхьара, адныҳәаларақәа рыҟаҵара. Ауаа рзы аныҳәамш еиҿкаахоит. Аерман чыс рыдгалахоит аҭааҩцәа", - азгәеиҭеит Минасиан.

Амш цәгьахар, аишәа еиҿыркаауеит уажәазы аус зымуаны иҟоу аҭҭынҟаҵарҭа афабрика ахыбраҿы. Афабрика Мҵара иргылан 1924 шықәса рзы.

Мҵара ақыҭаҿы 300-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра нхоит. Минасиан иажәақәа рыла аныҳәа амҩаԥгара аԥшьыргеит аҭыԥантәи ауааԥсыреи иахьазы Шәача инхо ақыҭа иалҵыз ахаҿқәеи.

Мҵара – аерманцәа Аԥсны раԥхьатәи рқыҭа ҳәа иԥхьаӡоуп, ишьаҭаркын 1879 шықәса рзы.