Арадио

Цкуа Аԥснытәи КВН апремиер-лигазы: издыруада, ҽааны Шәача ҳақәгыларцаз акоманда ҳзеизгар

Абҵара 29 Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит КВН апремиер-лига аабатәи ахәмарра. Иалахәхо акомандақәеи, аҿар рҟазара аҩаӡареи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит КВН апремиер-лига апродиусер Михаил Цкуа.
Sputnik
Цкуа Аԥснытәи КВН апремиер-лигазы: издыруада, ҽааны Шәача ҳақәгыларцаз акоманда ҳзеизгар

"Аҟәантәи агәыԥ "Авангард", Пицундатәи "Сейчас все будет", аерманцәа рдиаспора еидызкыло агәыԥ, иара убас Тҟәарчалынтәи "Дождевой удар"- абарҭ акомандакәа ҳрыхәаԥшхьеит. Сынтәа дара рактиортә ҟазара еизҳаит, иҳәатәуп, есышықәса рыҩаӡара иаҳа-иаҳа ишацло. Сынтәатәи апремиер-лигаҿы иқәгылоит уаанӡа иҟаз акомандақәа ҩба: аерманцәа-ачемпионцәа, иара убас тҟәарчалтәи акоманда. Егьырҭ зегьы КВН аҿы ихәмаруаз еиуеиԥшым акомандақәа рҿы рҽеидкыланы еиҿыркааит агәыԥ ҿыц. Иахьатәи аҿар аҟазара рылоуп, издыруада, ишаҳҭыхыз еиԥш иааиуа ашықәса азы Шәачатәи афестиваль аҿы ҳзықәгылар, уи азы дара агәаҳәара ду рымоуп, "Нарты из Абхазии" "Маленькая страна" ҿырԥшыгасгьы ирымоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Цкуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: