"Апанно ахаҭа Валентина Хәырхәмалԥҳа авторс дамоуп. Иара аԥсы ҭоуп, аха еиҭашьақәургыларцаз акыр аџьабаа адбалатәуп: ирыцқьатәуп, ишәтәуп, ибжьысыз ахәҭақәа, иахьеихсыз, ҿыц иҟаҵатәуп. Ишыҟаз еиԥш, ақалақь ауааԥсыра рыбла аргәырӷьартә еиԥш иҟаҳҵар ҳҭахуп. Апанно кыцлыхуп, аус анадуулалак ҟалоит: ахьҭа, ашоура, хьас ак амам, иамеихсуазар, уаҳа изыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам, 1500 градус рҟынӡа амцаҿы иӡу анышәаԥшь акгьы ахьуам. Мчыбжьык раҟара аусурақәа срыдхалоит, анаҩс уи ахьыҟоу аҭыԥ аҿы амыдаӷьцәахаҳә ҳәа изышьҭоу ахаҭагьы, Зураб Ҵереҭери, асахьаҭыхыҩ ду иусумҭоуп, иара уигьы ҟаҵатәуп. Ақалақь уахьаалало иара улаԥш ақәшәартә еиԥш иԥшӡаӡа иҟаҳҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьанаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Сухумприбор" злахыркыз апанно ауаа ашәарҭара иҭанаргылон
Ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо аҳҭнықалақь ахаҿра еиҭеикуеит