Арадио

Ҷкотуа: аҳәынҭқарра амч анԥсыҽхалак, аҳра ауеит ашьоура

Аԥсны ашьауӷатә кодекс аныҟоу аамҭазы, ашьоуреи ахалахьырхәреи реиҭаҿиара ҵаҵӷәыс иамоу ҳәа игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны ауаажәларратә усзуҩы Октаи Ҷкотуа.
Sputnik
Ҷкотуа: аҳәынҭқарра амч анԥсыҽхалак, аҳра ауеит ашьоура

"Аҳәынҭқарра амч анԥсыҽхалак доусы иара изакәан аԥиҵоит, уигьы ԥсыуароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ари аԥсуара зегьы ҟаҵаны убри заҵәык аанхазшәа ҳгәы иабоит, аха уи ус акәым. Азакәан уажәы уаҩҵас аус ауазҭгьы, аҳәынҭқарра аибашьра ашьҭахь ҳара ишаҳҭахыз еиԥш иӷәӷәаны иҟазҭгьы, доусы ишахәҭоу аус дақәнаршәо, усҟан дарбанзаалакгьы ихы ишааҭашәо ашьоура дақәшәомызт, иара изакәан аԥҵара далагаӡомызт. . Уажәы усҵәҟьа ҳаҟаӡам, аха ари ианахәҭоу аанкылашьа ҳақәымшәар, ахаос ахь ҳкылнагар ауеит. Азакәан амч рӷәӷәатәуп сара исмылакьысуа, "амаҭ зқьышықәса ннаҵааит" ҳәа ухәыцуа уаналагалак, уи амаҭ уаҵәы уара иуцҳар ҟалоит. Сара сыла ари азакәан залагои умҳәароуп. Ишәарҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит ашьоура, ахалахьырхәра. Ирӷәӷәатәуп азакәан, иара аҳәынҭқарра амч", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.       

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: