Аҟәа ирӷьычыз ахаҵа ихы дақәиҭтәуп

Аԥсны атәылауаҩ Армен Григориан идырым џьоукы дырӷьычит абҵара 24 рзы ахәылбыҽха, асааҭ фба рыбжазы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи уаанӡа идырым шьоукы ирӷьычыз Армен Григориан иоушьҭра алдыршеит ԥхынҷкәын 1 азы. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, иара дыԥшаан аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рхархәарала Гәдоуҭа араион аҿы. Ацәгьоура иалахәуп ҳәа гәҩарас ирымоу рахьтә иаанкылоу ыҟоуп.

"Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 119 ахәҭа 2 "а" инақәыршәаны", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Армен Григориан игәабзиара аҭагылазаашьа бзиоуп. Аусҭҵаара-оперативтә уснагӡатәқәа ирыцҵоуп.

Армен Григориан, 1976 шықәса рзы ииз, абҵара 24 асааҭ 17:30 рзы аԥсыжырҭа "Лечкоп" иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы дӷьычын.