Ԥхынҷкәын раԥхьатәи амчыбжь азтәи афиша

Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ԥхынҷкәын 2-8 рзтәи акультуратә хҭысқәа. "Ахра шкәакәа" Аҿар ртеатр аҿы, Фазиль Искандер изку афотоцәыргақәҵа, "Бернарда Альба лыҩны" Аԥсуа драматә театр аҿы, РУСДРАМ аҿы Сариа Лакоба лгәалашәара иазку ахәылԥаз уҳәа амчыбжь беиоуп хҭысла.
Sputnik

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр (Аҟәа, Пушкин имҩ., 1)

Ԥхынҷкәын 2 асааҭ 18:30 рзы идырбахоит аспектакль "Дуаҩуп, даамысҭашәоуп".

Ԥхынҷкәын раԥхьатәи амчыбжь азтәи афиша

Ԥхынҷкәын 3 асааҭ 14:00 рзы – "Ахра шкәакәа.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр (Аҟәа, Пушкин имҩ., 1)

Ԥхынҷкәын 5 асааҭ 19:00 рзы "Бернарда Альба лыҩны" (арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа).

Ԥхынҷкәын раԥхьатәи амчыбжь азтәи афиша

РУСДРАМ (Аҟәа, Леон имҩ., 8)

Ԥхынҷкәын 3 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" (арежиссиор Адгәыр Ақаҩба).

Ԥхынҷкәын раԥхьатәи амчыбжь азтәи афиша

Ԥхынҷкәын 5 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысуеит Сариа Лакоба лгәалашәара иазку ахәылԥаз. Ауснагӡатә еиҿыркааит Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҭоурых-мемориалтә музеии Аԥсны акультура аминистрреи.

Ԥхынҷкәын 6 асааҭ 19:00 рзы арт-фоие аҿы амоноспектакль "Зегь реиҳа насыԥ зҵаз амш".

Ԥхынҷкәын 7 рзы – "Абга шыԥсыӡкыҩхаз азы алакә". (Арежиссиор Џьамбул Жорданиа).

Ԥхынҷкәын раԥхьатәи амчыбжь азтәи афиша

Ацәыргақәҵатә зал хада (Аҟәа, Лакоба имҩ., 31)

Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Фазиль Искандер изку афотоцәыргақәҵа "Фазиль икәша-мыкәша".