"Николаи даара зажәа ҳаракыз, даара зыхшыҩ ҵаулаз, ахәмарра-аччара злаз иакәын. Иара илакҭа мыччакәа дуҿаԥшуамызт. Иагьа игәы ԥжәаргьы, даара аҽынкылара иман. Аибашьра ианалга Ҭали Џьапуеи сареи аштаб ахь ҳаннарга, "мои собаки" ҳәа Колиа дааҳԥылеит, инапы ҳакәыршаны ҳааигәыдиҳәҳәалеит. Иара абри ажәа аниҳәоз, даара изааигәаӡоу ауаа рзы акәын. Аибашьра раԥхьатәи амзақәа рзы Колиа агәырҩа ду иман, иԥшәма ԥҳәыс лыхабар издыруамызт, Аҟәа далахан дыҟан. Иара агәабзиара имамызт, абӷахьаа ӷәӷәа иман, аха хьаак инирԥшуа са исымбацызт. Иажәа еснагь ираӡан, аҵакы ӷәӷәа рыман. Есымша акрыфара ҳанааидтәалалак ачаганвых еимаҳкуан, ирҟәазны ианааԥаҳҟалак, авба ҳаиҭон. Колиа иааигәара аҩны ҳаҟазшәа ҳбон, хьаа змамыз иеиԥш, итаатаӡа, иԥхаӡа шьалкасык ҳалаҳәазшәа", - ҳәа лҳәеит Ашәԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.