Кәарҷиа Аԥсны Апрокурор хадеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри рыԥхьатәаразы: шьҭахьҟа ҳагеит
© Sputnik
"Ачба иоума, Аршба иоума, рԥышәа ҟәнушьо иҟамызт. Ас лассы-лассы ауаа рҭыԥқәа рҿы аԥсахра ҽеим, ҳара ҳазламилаҭ хәыҷу ала, акадрқәа рацәа злаҳамам ала. Ҿыц дара рҭыԥахь ауаа аҭаны, урҭ аус ҭырҵаанӡа, русзуҩцәеи дареи аимадара рыбжьарҵаанӡа ԥхьаҟа ацаразы аамҭа ду аҭахуп. Ари иҟалаз ахҭыс шьҭахьҟа ҳамгозар, ԥхьаҟа ҳагом. Ҳаргьы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр дҳарцыхцыхыр акәын, Апрокурор хадагьы ус, ари аус аҿы ахара ҳаргьы иҳадуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.