Арадио

Кәарҷелиаԥҳа ачынуаа абызшәа дырҵаразы акурсқәа рзы: угәы иахәоит рхыԥхьаӡара ахьмаҷым

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы аметодист Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы еиҭалҳәеит Гагра иаадыртыз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа абызшәа дырҵаразы акурсқәа ртәы.
Sputnik

 

Кәарҷелиаԥҳа ачынуаа абызшәа дырҵаразы акурсқәа рзы: угәы иахәоит рхыԥхьаӡара ахьмаҷым

"2017 шықәса рзы Аԥсны ахада идҵала "Аҳәынҭқарратә бызшәазы" азакәан анагӡаразы ҳтәыла араионқәа зегьы рҿы еиҿкаан аԥсуа бызшәа акурсқәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа рзы. Араионқәа рҿы иадгылаз маҷӡам, Гагра араион аҿы дара қәҿиарала имҩаԥысит. Сынтәагьы Гагрантәи ҳзалагаз убри азоуп, дара усҟан ирхысыз акурсқәа аҳәара изныкымкәа иҟарҵахьан, аха алшара ҳмоуӡеит усҟан. Араионқәа рхадацәа адгылара ҳарымҭаӡеит. Сынтәа арҵаҩцәа руалафахәы ҳбиуџьеҭ иалаҳҵеит, еиԥҟьара ҟамҵакәа ҳәа ҳгәы иҭакны ҳрылагеит акурсқәа. Гагра ала ҳалагеит. Убра угәы иахәартә еиԥш изҭаху рхыԥхьаӡара маҷӡам, уажәазы иааҳарҭит ҩ-гәыԥк", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.        

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.