Хышба ацитрустә шәырқәа аҳәаа рахыгаразы: сынтәатәи арбагақәа даара имаҷуп
© Sputnik
"Сынтәа амандарина зынӡак имаҷуп. Иахьазы ииагоуп 4 нызқь тонн, ҵыԥх уажәааны 8 нызқь ҭонна ииаргахьан. Аха ахәырмеи афеихоаи сынтәа иаҳа еиҳахеит. Ҵыԥх ахәырма уажәааны 5 тоннак ыиаргазҭӷьы, сынтәа 105 тонна ыиаргеит. Афеихоа акәзар, 2018 шықәса рзы 50 тонна ыиаргеит, уажәазы - 180 тонн. Арҭ ашәырхкқәа акырынтә еиҳахеит. Амандарин иасакьаҳәымҭаны ҳәа иԥхьаӡоуп ԥхынҷкәынмза, ҵыԥх ҽнак иалагӡаны 500 кьыла рҟынӡа ианыиаргоз ыҟан, сынтәа 200 рҟынӡа инеиӡом. Афирмақәа ацитрустә шәырқәа кьылак 10 мааҭк ҳәа ииаргоит, аҳаза 0,1% иартәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хышба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.