Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа "атеррористцәа" ржәылара ааныркылеит

"Атеррористцәа" арратә қалақь аҵакыра иҭаланы, абџьарҵәахырҭа аминақәа аҵаҵареи аԥжәареи рҽазыршәеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арратә қалақь аҵакыра иҭаланы абџьарҵәахырҭа аминақәа аҵаҵара зҽазызшәоз "аӷа" дныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аибашьратә ҭагылазаашьа иазааигәаӡаны аусқәа еиҿкаан. Ахархәара рыҭан 20 рҟынӡа аимитациатә рԥжәагатә зариадқәа ИМ-120, алҩатә шашкақәа, Калашников ипулемиотқәеи автоматқәеи рзы аџьаԥҳаны", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аррамаҵзурауаа аӡыҩра рылаҳәан, урҭ ирылшеит "аӷа" иаанкылареи иқәхреи ажәылара ахьымҩаԥыргоз абџьарҵәахырҭа аганаҿы.

Уи адагьы, аминаԥшаага ИНВУ "Коршун", аминаԥшаага "ИМПС" рыла анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥыргеит, "абандитцәа иқәдыргылаз абомбақәа" еиҵырхит.

Ауснагӡатә иалахәын 100-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, жәаба инареиҳаны арратә техника, БТР-82АМ , "Тигр" реиԥш иҟоу алархәны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: