Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит

Италиантәи иаагоу апальмақәа Аҟәа Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драматә театр инаркны акаҳуажәырҭа "Пингвин" аҟынӡа еиҭарҳауеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Вашингтониа" ҳәа изышьҭоу апальмахк аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭеит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа. Абри атәы аалыцҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Актәи апальма еиҭеиҳаит зхарџьала иаахәоу Кан Кәарҷиа.

Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит

 

"Иахьа раԥхьатәи апальма еиҭаҳҳаит. Сгәыӷуеит иҵыхәтәантәихом ҳәа. Ақалақьуаа сҿырԥшы сымырдап ҳәа агәра згоит. Иҟоуп алшара змоу, зықалақь бзиа избо ауаа маҷымкәа. Ацхыраара ҳарҭар, даара гәахәас иҟаҳҵон", - иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит амшыԥ ашаҳәаҿы аиҭаҳаразы 12 пальма шазымхаз.

Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит

 

"Абри аҿы ацхыраара ҟаиҵарц иӡбеит Даур Заур-иԥа Арӡынба. Иара ихарџьала иаахәаны ақалақь ҳамҭас иеиҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Иааидкыланы Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ҳамҭас иеиҭеит 61 шьаҭа апальма. Аиҭаҳатәқәа Италиантәи иаагоуп.

Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит

 

Жьҭаара 21 рзы Аԥсны ахада уаанӡатәи ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа ихы дақәиҭитәит. Ицынхәрас ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡара дахагылеит Кан Кәарҷиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: