Ахеилак иалахәуп жәа-ҳәынҭқаррак рҟынтәи ахаҭарнакцәа: Австриа, Германиа, Франциа, Доминикантәи Ареспублика уҳәа рҟнытә.
"Ахеилак аԥҵараҿы Австриа ахатә лагала ҟанаҵеит. Ҳәарада, Австреи ҳареи официалла аизыҟазаашьақәа ҳамаӡам, аха иага ус акәзаргьы адәныҟатәи аполитика амҩаԥгараҿы ҳара официалла аимадарақәа аԥҵаны иҳамоу атәылақәа рнаҩсгьы, аус здаауло атәылақәа рацәоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Австриагьы. Аԥсуа-австриатә хеилак аусура раԥхьа инаргыланы Аԥсни Австриеи русеицура анаҩсгьы, Аԥсны адәныҟатәи аполитика аус ацҵара хықәкыс иамоуп. Австриа аганахьала иҳамоуп аимадарақәа, аиҭанеиааира, аҵара аганахьала аусура уҳәа. Урҭ зегьы макьана аофициалтә ҟазшьа рымаӡам, аха ашьшьыҳәа аус цоит. Уи шьақәзырӷәӷәо акәны иҟоуп абарҭ амшқәа рзы иаԥҵаз жәларбжьаратәи аимадарақәа зырӷәӷәо ахеилак. Ари Адәныҟатәи аусқәа рминистрразы хҭысуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар, иара иалоу иаадырԥшуеит еиуеиԥшым атәылақәа. Аԥсуаа Аԥсны аӡбахә зҳәо аобиективтә хәшьара азҭо, адунеигьы иалазырҵәо, иҵабыргыҵәҟьаны ҳтәыла шыҟоу атәы зҳәо ракәны иҟоуп", - ҳәа азгәалҭеит Аԥшьлааԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.