Аԥсны ахада Ҭемыр Надараиа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит

Ҭемыр Надараиа Гал араион ахадас дҟаҵан 2014 шықәсазы. 2019 шықәсазы Аԥсны ахада имаҵурахьы даннеи ашьҭахь Надараиа араион ахада иусқәа наигӡон.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ҭемыр Надараиа Гал араион ахада инапынҵақәа рынагӡараҟынтәи ихы дақәиҭитәит, абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"Надараиа Ҭемыр Хәыхәыт-иԥа ихыдақәиҭтәызааит Гал араион ахада инапынҵақәа рынагӡараҟынтәи ихы дақәиҭтәызааит ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны", - аҳәоит аусԥҟаҟны.

Араион ахада инапынҵақәа нызагӡо ҳәа ихьӡ ҳәоуп Омар Бганба.

Ҭемыр Надараиа Гал араион ахадас дҟаҵан 2014 шықәсазы. 2019 шықәсазы Аԥсны ахада имаҵурахьы даннеи ашьҭахь Надараиа араион ахада иусқәа наигӡон.

Надараиа: ақалақь ахада иалхрахь ҳаиасыр Гал ахаангьы аԥсуа дузалхӡом

Надараиа Донецктәи иреиҳаӡоу арра-политикатә училишьче доушьҭымҭоуп. 1990 шықәсазы иҵара анхиркәша, иқыҭа Мықә аҟны аҭоурых арҵаҩыс аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагратәи абаталион акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Леон иорден ианашьоуп. Аибашьра ашьҭахь ААУ арратә кафедраҟны аус иуан. 2018 шықәсазы активла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иалахәразы ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.

Омар Адгәыр-иԥа Бганба Москватәи автомобил-мҩатә институт дҭан 1989-1996 шықәсқәа рзы. 2007-2016 шықәсқәа рзы акоммерциатә усура инапы алакын. 2016 инаркны ԥхынҷкәын 5, 2019 шықәсанӡа Гәылрыԥшь аҳабла ахадас дыҟан.