Урыстәылатәи аруаа аӡәаӡәалатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аҟәша зеиԥшроу иаҿырԥшны аӡәаӡәалатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит мызкы инаркны ҩымзынӡа ирыбжьаркуа аамҭазы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ашьхара-абнаратә ҭыԥқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа "аибашьра" адәаҿы анеиҭаҵ-ааиҭаҵшьа, анормативқәа рынагӡашьа, арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара, актәи амедицинатә цхыраара аҭара, аминатә дәқәа рхысра уҳәа шымҩаԥгатәу ддырҵоит. Зынӡа иааидкыланы 200 ҽазыҟаҵара мҩаԥгахоит. Иара убасгьы имҩаԥгахоит амашьынарныҟәара, атактикатәи, ахысратәи ҽазыҟаҵарақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Гәдоуҭа, Нагвалоу, Ҵабал аполигонқәа рҿы.

Акурсқәа анхыркәшахалак ашьҭахь, аррамаҵзурауаа азшьақәа арҭоит. Азшьа зауз ирыҭахоит аквалификациа "3 акласс аҟаза".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: