Ԥхынҷкәын 6-7 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

Аҟәа ақалақь ахәҭақәак рҟны ԥхынҷкәын 6 асааҭ 12:00 инаркны ԥхынҷкәын 7 асааҭ 20:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аҟәа ақалақь араионқәа – Ажәытә ҳабла, Иашҭхәа ақыҭа, Аедыгьцәа рымҩа, Гәыматәи амҩа хыхьтәи ахәҭа (ВИЭМ) ԥхынҷкәын 6 асааҭ 12:00 инаркны ԥхынҷкәын 7 асааҭ 20:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Иара убасгьы аӡы хамлар алшоит ақалақь агәы аҩнеихагылақәа хыхьтәи аетажқәа рахь.

Аӡаанкылара адҳәалоуп аӡымҩангага ҿыц ашьҭаҵара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: