Ашәҟәы "Иҵәахыз амаӡа" ашәҟәыҭирҭакәа рахь инаргахьеит, ахәԥса 100 мааҭк ыҟоуп.
"Ажәеинраала аҩра ҳаҭала сара сзы амш иадҳәалам, еиҳарак аҵх ауп. Хара инаскьахьоу аҵх, жәаҩа рынахыс, ашамҭанӡа. Усҟан схәыцрақәа иаҳа иаатуазшәа збоит, уи иаҳа иманшәалоу аамҭоуп сара сзы, сырҿиара аԥҵаразы. Аҵх, зегьы ыцәоуп, ауаа зегьы ыцәоуп, аӡәгьы дуԥырхагаӡам, ҭынчроуп, ухала ухы уазынхоит, ухала ухәыцрақәа урзынхоит, арҿиаразы даара иманшәалоу аамҭоуп. Апоетцәа аӡәгьы схы идыскылар сҭахӡам. Ԥхьаҩык иаҳасабала, ирацәаҩуп сзыԥхьо. Насгьы арҿиаратә гәалаҟара аныҟам, уи цәырызго акәны иҟоуп апоезиа аԥхьара. Сара сусуратә стол аҿы еснагь ишәҟәы ықәуп Владимир Высоцки, Сергеи Есенин, Баграт Шьынқәба", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.