Алада Уаԥстәыла Аԥсни иареи равтомобилтә еимадаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

Алада Уаԥстәылеи Аԥсни реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз жәларбжьаратәи автомобилтә еимадаразы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын рашәара 25, 2019 шықәсазы Алада Уаԥстәыла аделегациа Аҟәаҟа аара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Алада Уаԥстәыла Апарламент аратификациа азнауит Алада Уаԥстәылеи Аԥсни реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз жәларбжьаратәи автомобилтә еимадаразы аиқәшаҳаҭра аԥшьаша, ԥхынҷкәын 5 рзы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Ари Аиқәшаҳаҭра иҭышәыннартәалоит апассаџьырцәеи аидарақәеи рымҩангара Алада Уаԥстәылеи Аԥсни рыбжьара, урҭ ирылганы рытранзит, иара убас ахԥатәи аҳәынҭқаррақәа рахь (рҟынтәи) аҩҳәынҭқаррак рҟны иҭаҩу автотранспорт ахархәагарала", -  ҳәа азгәеиҭеит Адәныҟатәи аполитикеи апарламентбжьаратә еимадарақәеи рзы Аилак ахантәаҩы.

Иара убасгьы Аилак ахантәаҩы Председатель иажәа иацҵо иҳәеит аҩҳәынҭқаррак рыбжьара раԥхьатәи амҩангарақәа шалыршахо Аиқәшаҳаҭра адкылара ашьҭахь.

Иазԥхьагәаҭоуп амаршрут Цхинвал-Владикавказ-Аҟәа шықәсынаҟьак аус шауло.

Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рыбжьара аус ауеит 2006 шықәсазы напы зҵаҩыз "Аиҩызареи аусеицуреи рзы" Аиқәшаҭра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: