"Кәачара қәҿиарала иаҳгеит, аха усҟан Ануаа рхәы ҳцәыргеит. Амза 5 рзы Лашькындар ахәыҳаракыраҿы итәаз шьараҭынаа хьамҵыр ҟамлеит. Хыхь ақырҭцәа халеит, ҳара ҳтәқәа ҵаҟа иаатәеит. Мушьни лашькындараа аҷкәынцәа еизиган, иреиҳәеит ак шыӡбатәу, ма Кәачара ааныжьны шьтахьҟа ицатәын, мамзаргьы ахәыҳаракы гатәын. Аҷкәынцәа зегьы иара идгыланы иажәа ишахымԥо атәы рҳәеит. Мушьни аибашьцәа зегь раԥхьа днагылан, ажәылара хациркит, ашәанцәа ракәын уа итәаз, иқәырцеит. Мушьни иҭахара шыҟалаз ҳәа аҷкәынцәа ирҳәо убри ауп: ашәанцәа анықәырцоз аамҭазы, ихьаҵуаз аӷа аӡәы арҭҟәацга иршәит, уи аԥҽыха Мушьни ишьҭахь ала иаахеит. Ҳаҷкәынцәа иаразнак уи иааигәыдҵан дыршьит. Абас ауп ишыҟалаз иара иҭахара… Мушьни иеиԥш иҟаз ауаҩы зқьышықәсала знык дииуеит. Иара игәымшәара, илшара, уи иигәаӷьуаз згәаӷьуаз дсыздыруам. Уи игәаӷьра ахшыҩгьы ацын. Иара имҩаԥигоз ажәыларақәа зегьы рҿы дԥызан, даԥхьагылаҩын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аӡынба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.